Кьышьмариеи Лантратовеи реиԥылара рхы аладырхәит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ Запир Алхазови Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу иаппарат анапхгаҩы Саида Еныкьи. Аиԥылара алахәылацәа азинхьчаратә институтқәа рыбжьара аусеицура аҿиара ахырхарҭақәа ирылацәажәеит, иара убас Урыстәылатәи аомбудсменцәа афедералтә ҩаӡарақәа рҿы еиԥш арегионалтә ҩаӡарақәа рҿгьы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа Аԥснытәи рколлегацәа ралахәхара аграфик азгәарҭеит.




Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА")Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.