Гагра ахақәиҭтәра Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рзы раԥхьатәи аиааира дуқәа ируакын. Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа ахы ақәиҭтәра зыԥсадгьыл ахақәиҭраз иқәԥоз ҳажәлар рзы аҵак ду аман.
Гагра иргаз аиааира ҳаибашьцәа ргәы шьҭнахит, уи Аԥсны зегьы ахы ақәиҭтәразы акрызҵазкуа шьаҿаны, 1993 ш. цәыббрмза 30 рзы Аиааира Ду аҟны аҵак ду змоу лагаланы иҟалеит.
Ари амш аҽны ҳаҭыр дула иаҳгәалаҳаршәоит Гагреи Гагра араиони рхақәиҭтәразы еибашьуаз зегьы. Даҳгәалаҳаршәоит знапхгарала Аԥсны жәлар Аиааира ду агара рылзыршаз Аԥсны жәлар рԥыза Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба. Рҿаԥхьа ҳхырхәоит Ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш азы зхы иамеигӡаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа.
Иахьа Гагра - ҳтәыла мраҭашәаратәи агәашәқәа ҳәа иԥхьаӡоуп, Аԥсны еицырдыруа ақалақь ԥшӡақәа ируакуп. Агәра ҳгоит ақалақь арҿиареи уи иқәынхо ауааԥсыра рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵареи Гагра ахақәиҭра азаазгаз рыхьӡ акамыршәразы лагаламҭа дуны ишыҟало.
Ҳауаажәлар зегьы абри амш аҽны ишәзеиӷьаҳшьоит наунагӡа аҭынчра, аизҳазыӷьара, ахирра».




Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА")Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.