АЖӘАБЖЬҚӘА

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аҟәа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша амузеи даҭааит, дахәаԥшит аекспозициа ҿыц «Афырхаҵа имҩа»

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аҟәа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша амузеи даҭааит, дахәаԥшит аекспозициа ҿыц «Афырхаҵа имҩа»

Атематикатә ҵакырақәа ԥшьба иаҳдырбоит Аԥсны ахьыԥшымразы ақәԥареи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны ҳажәларқәа рзеиԥш фырхаҵареи ртәы. Хазы игоу азал иҷыдоу арратә операциа иазкуп.
 
«Ҳаргәырӷьеит итрадициатәу амузеитә експозициақәа ҳаамҭазтәи атехнологиақәа иахьрыдҳәалоу. Авидеостенқәа, аиммерсивтә екскурсиақәа, аинтерактивтә еибашьратә хсаалақәа - ари аҿар рзы аинтерес зҵоу форматқәоуп. Агәра ганы сыҟоуп «Афырхаҵа имҩа» еиԥш иҟоу апроектқәа ԥхьаҟагьы Урыстәылеи Аԥсни реимадарақәа шдырӷәӷәало, азеиԥш ҭоурыхтә гәалашәара акәша-мыкәша ҳшеиднакыло», - ҳәа азгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ.

Image
Image
Image
Image

Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА")Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.